Қарҭ, Пекин амҩаду аҿы “Қырҭтәыла абанк” афилиал иақәлеит.
Қырҭтәыла Актәи аканал аинформациала, абанк џьарла еибыҭаз асабрада зҿаз ахаҿы дақәлан, аԥара иӷьычт.
Аҭыԥ аҿы аус руеит азакәанхьчаҩцәа.