Педро Санчес - Ҳара Мраҭашәаратә Балканқәеи, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи ашәқәа рзааҳартит, сара уи сеигәырҕьоит
Испаниа аҧыза-министр Педро Санчес Евроеидгыла арҭбаареи уи аҧеиҧши длацәажәеит Давос имҩаҧгаз апанельтә дискуссиаҿы.
Санчес ишиҳәаз ала, 2023 шықәса аҩбатәи азбжазы, Евроеидгыла ахеилак аҿы ахантәаҩраан, Испаниа, алалара иазкны аиҿцәажәарақәа иалагеит.
Испаниа ахантәаҩра анамаз, ҳара Украинеи, Молдовеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи Евроеидгылахь ралалара иазкны аиҿцәажәарақәа ҳалагеит. Зыӡбахәы ҳәоу арҭбааразы ҳинститутқәа рыҩныҵҟа ареформақәа мҩаҧгатәуп, аӡбарақәа рыдкылара апроцесс иҧсахтәуп. Аха, зегьы реиҳа ихадоуп шықәсқәак рышьҭахь ҳазынтәгьы лабҿаба иаабо агеополитикатә аиҭакрақәа.
Хара имгакәа Европаҿ аиҭакра бзиақәа ҟалап ҳәа сгәыҕуеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҳҳаагаз акризисқәа иҳдырҵаз рацәоу. Уажәшьҭа иаҳа афедералтә ҟазшьа змоу, иаҳа аинтеграциа зызу европатәи аидгыла ҳамазаауеит. Ҳара Мраҭашәаратә Балканқәеи, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи ашәқәа рзааҳартит, сара уи сеигәырҕьоит», — иҳәеит Педро Санчес.