Павел Герчински – Уажәазы ҳара аинформациа ҳамам Қырҭтәыла асанкциақәа рывсра ишацхраауа азы
«Евроеидгыла Урыстәыла иаҿагыланы иџьбароу асанкциақәа шьақәнаргылеит. Атәылақәа рацәа ари аус аҿы алагала шыҟарҵо здыруеит, ҳара ҳазынтәгьы, еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла, иаҳзеиҧшу аус наҳагӡоит. Қырҭтәылагьы ҳсанкциақәа рыхәҭак ирықәныҟәоит, ҳара акоуп Қырҭтәылантә иаҳҭаху. Қырҭтәыла аҵакырадгьыл, ақырҭуа еилахәырақәа асанкциақәа рывсразы ахархәара рымазар ҟалом, иахьазы ҳара аинформациа ҳамам Қырҭтәыла асанкциақәа рывсра ишацхраауа азы», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Украина иаҿагыланы агрессиа иаҟәыҵроуп.
Ҳара хықәкык ауп иҳамоу — Урыстәыла ахымҩаҧгашьа аҧсахреи, Украина иаҿагыло агрессиа излауа ала ирласны аанкылареи, абри аибашьра ҿаасҭа аҵыхәҧҵәареи. Урыстәыла ахырхарҭала еицымҩаҧаго аполитика аелементқәа иреиуп асанкциақәа. Асанкциақәа апакет ҿыц азы еиқәшаҳаҭхеит Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы. Атәылақәа рацәа ари аус аҿы алагала шыҟарҵо здыруеит, ҳара ҳазынтәгьы, еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла, иаҳзеиҧшу аус наҳагӡоит. Қырҭтәылагьы ҳсанкциақәа рыхәҭак ирықәныҟәоит, ҳара акоуп Қырҭтәылантә иаҳҭаху. Қырҭтәыла аҵакырадгьыл, ақырҭуа еилахәырақәа асанкциақәа рывсразы ахархәара рымазар ҟалом, иахьазы ҳара аинформациа ҳамам Қырҭтәыла асанкциақәа рывсра ишацхраауа азы», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.