Павел Герчински -  Қырҭтәыла алалара иазку Евроеидгыла арекомендациа ипозитивхом,  алаларазы аиҿцәажәарақәа ирылагоит ҳәа сгәы иаанагом
Павел Герчински - Қырҭтәыла алалара иазку Евроеидгыла арекомендациа ипозитивхом, алаларазы аиҿцәажәарақәа ирылагоит ҳәа сгәы иаанагом

Сгәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла алалара иазку Евроеидгыла арекомендациа ипозитивхоит ма алаларазы аиҿцәажәарақәа иалагоит ҳәа сгәы иаанагом,  – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.

Герчински иажәақәа рыла, Евроеидгыла алидерцәа шьаҭас иаҭаны Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара апроцесс аанкылан,

“Сгәы шаанаго ала, Қырҭтәыла алалара иазку Евроеидгыла арекомендациа ипозитивхоит ма алаларазы аиҿцәажәарақәа иалагоит ҳәа сгәы иаанагом. Евроеидгыла иалоу 27 тәылақәа Қырҭтәыла аиҿкаарахь алалара иазку аиҿцәажәарақәа раартра рыӡбом”, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

“Иашьҭанеиуа амшқәеи амчыбжьқәеи рзы Қырҭтәыла азҵаареи Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьеи Евроеидгыла иалоу 27 тәылақәа рхаҭарнакцәа рыхцәажәроуп. Уаҵәы, жьҭаара 8 рзы, Қырҭтәыла иазку апарламенттә дебатқәа мҩаԥгахоит. Урҭ ихы алаирхәоит иреиҳаӡоу ахаҭарнак. Сгәы шаанаго ала, акомиссарцәа руаӡәы ихьӡла аҳәамҭа ҟаиҵоит. Иашьҭанеиуа амчыбжь азы, жьҭаара 14 рзы Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрацәа реиԥылара мҩаԥгахоит, ауснагӡатә амш аусхәаԥштә Қырҭтәыла азҵаара аофициалла иалоуп.

27-ҩык аминистрцәа Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иахәаԥшуеит. Жьҭаара 17-и 18-и рзы Европа ахеилак мҩаԥгахоит, Европа ахеилак ахада Шарль Мишель алидерцәа Қырҭтәыла азҵаара аиахәаԥшырц рыдигалоит. Иара убас,зегь реиҳа ихадоу абри ауп – арҭбаара иазку аҳа́сабырба. Уи жьҭаара анҵәамҭазы икьыԥхьхоит.

Европарламент аҿы Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа 27 тәылақәа рлидерцәа ахьрыхәаԥшуа ибзиаӡам. Алидерцәа агәынамӡара аадырԥшуеит. Евроеидгыла иалоу 27 тәылақәа рлидерцәа Қырҭтәыла аиҿкаара алалара апроцесс аанкылара иазку аӡбара рыдыркылеит. Аха Украинеи Молдовеи рганахьала аӡбара рымԥсахит. Ари аӡбара ҳгәы ҳнархьит, аха алхрақәа рышьҭахь Қырҭтәылаҿ аҭагылазаашьа ԥсаххап ҳәа сақәгәыӷуеит“, – иҳәеит Герчински.