Павел Герчински - Қырҭтәыла ахада лимпичмент апроцедура Қырҭтәыла адеполиаризациа иаԥырхагоуп
Қырҭтәыла ахада лимпичмент апроцедура Қырҭтәыла адеполиаризациа иаԥырхагоуп, –иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаажәҳәаҩ Павел Герчински.
Герчински иажәақәа рыла, ари аполиаризациа арӷәӷәоит.
„Аимпичмент иазкны азҵаара сзықәшәыргылеит. Ишыжәдыруа ала ари аус уажәы Аконституциатә аӡбараҿ иҟоуп. Уи ахцәажәара сҭахым. Аконституциатә аӡбара ауп аӡбара здызкыло. Ахадеи илӡагылоу агани рхатә аргументқәа рымоуп. Шәара шәеиԥш, саргьы аӡбара сазыԥшуп. Уи пату ақәҵатәуп. Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа авице-ахада Жозеп Боррель Қарҭ иҟаиҵаз аҳәамҭа ишәгәаласыршәар сҭахуп – Атәыла ахада лимпичмент азҵаара шәарҭоуп, избанзар, аҭагылазаашьа иаҳа еицәахар ауеит, аполиаризациа ацлар ауеит,” – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаажәҳәаҩ.