Павел Герчински – Қырҭтәыла аҧыза-министри Европатәи ахеилак ахантәаҩи иахьатәи реиҧылара сазыразуп, агәра ганы сыҟоуп дара гәаартыла ишеицәажәо
Павел Герчински – Қырҭтәыла аҧыза-министри Европатәи ахеилак ахантәаҩи иахьатәи реиҧылара сазыразуп, агәра ганы сыҟоуп дара гәаартыла ишеицәажәо

«Қырҭтәыла аҧыза-министри Европатәи ахеилак ахантәаҩи иахьатәи реиҧылара сазыразуп, агәра ганы сыҟоуп дара гәаартыла ишеицәажәо», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.

Иара иажәақәа рыла, анеҩстәи амзақәа рзы аимадаратә каналқәа зегьы аартызароуп, уи аҵакы ду амоуп.

«Қырҭтәыла анапхгаратә хаҿқәеи Евроеидгыла анапхгаратә хаҿқәеи рыбжьара аинтенсивтә диалог сеигәырҕьоит. Ҷыдала, иааиуа амзақәа рзы, избанзар, анеҩстәи амзақәа рзы аимадаратә каналқәа зегьы аартызароуп, уи аҵакы ду амоуп.   Убри аҟынтә, Қырҭтәыла аҧыза-министри Европатәи ахеилак ахантәаҩи иахьатәи реиҧылара сазыразуп, агәра ганы сыҟоуп дара гәаартыла ишеицәажәо», — иҳәеит  Герчински.

Иахьа Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии еиҧылоит.