Павел Герчински – Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, шәхадаратә зинқәа рыхьчараҿы Евроеидгыла шақәгәыҕыр шәылшоит
«Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, ари абжьагарала иазҧхьагәаҭоуп ауаҩы изинқәа рыхьчара аиҕьтәразы аҭакҧхықәра. Шәхадаратә зинқәа рыхьчараҿы Евроеидгыла шақәгәыҕыр шәылшоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински Ауаҩытәыҩса изинқәа рымш инамаданы иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.
«Иахьа ҳара Ауаҩытәыҩса изинқәа зегьирзеиҧшу адекларациа адкылара инаркны 75 шықәса аҵра азгәаҳҭоит. 1948 шықәсазы абри адекларациа анрыдыркыла ашьҭахь адунеи аҽаҧсахит. Иахьа адунеиаҿ ахҭыс цәгьақәа анымҩаҧысуа аамҭазы, ҳара, ҳаидгыланы абарҭ азинқәа ҳахьчароуп. Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара Евроеидгылазы ахадаратә принципуп. Ари апринцип ақәныҟәара Евроеидгыла арҭбаара апроцесс иаҵанакуеит, уи Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла инанагӡараны иҟоу жә-шьаҿак иреиуп.
Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, ари абжьагарала иазҧхьагәаҭоуп ауаҩы изинқәа рыхьчара аиҕьтәразы аҭакҧхықәра. Шәхадаратә зинқәа рыхьчараҿы Евроеидгыла шақәгәыҕыр шәылшоит. Ауаҩытәыҩса изинқәа рымш шәыдысныҳәалоит! Даараӡа иҭабуп», — иануп Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иааҧхьараҿы.