Павел Герчински – Михаил Саакашвили игәабзиара аицәахара ҳаргәамҵуеит
Павел Герчински – Михаил Саакашвили игәабзиара аицәахара ҳаргәамҵуеит

«Михаил Саакашвили игәабзиара аицәахара даараӡа ҳаргәамҵуеит, аӡбаратә процесс  ҳацклаҧшуеит,  уи хара имгакәа ихыркәшахап ҳәа ҳгәыҕуеит», — ихәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ   Павел Герчински.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара абаандаҩцәа зегьы рзинқәа ҳаҭыр рықәырҵароуп.

«Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили игәабзиара аицәахара даараӡа ҳаргәамҵуеит. Ҳара  аӡбаратә процесс  ҳацклаҧшуеит,  уи хара имгакәа ихыркәшахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Иара убас, Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит абаандаҩцәа зегьы, ҧасатәи ахадагьы,  рзинқәа  пату рықәырҵарц. Еиҭасҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла анапхгара аҭак рыҧхықәуп  аӡбарҭаҿы ахара зду иаҳасаблагьы абаандаҩы иаҳасаблагьы  изинқәа зегьы рыхьчаразы», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.