Павел Герчински – Иҟаҵатәу жә-шьаҿак рҟынтә раҧхьатәи шьаҿоуп адезинформациа аҿагылара
«Еврокомиссиа абжьагара инақәыршәаны Қырҭтәыла иҟаҵараны иҟоу жә-шьаҿак рҟынтә раҧхьатәи шьаҿоуп адезинформациа аҿагылара», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Иара иажәақәа рыла, ахықәкы хада – Евроеидгылеи европатәи апринципқәеи ирҿагыло адезинформациа аҧыхра.
«Ишаадыруа еиҧш, агеополитикатә контекст даараӡа иуадаҩуп. Украинаҿ агрессиеи аибашьреи инагӡоит, анарративқәа ирыдҳәалоу апроблемақәа иҟоуп. Адезинформациеи агибридтә еибашьреи зехьынџьара имҩаҧысуеит, абра, Қырҭтәылагьы. Адезинформациа аиҳара Қырҭтәыла анҭыҵынтә иаауеит, аха, ҳара, атәыла аҩныҵҟагьы ачарҳәара атеориеи апропагандеи аабоит. Абри зегьы аҵыхәа ҧҵәатәуп. Еврокомиссиа абжьагара инақәыршәаны Қырҭтәыла иҟаҵараны иҟоу жә-шьаҿак рҟынтә раҧхьатәи шьаҿоуп адезинформациа аҿагылара.
Евроеидгылеи европатәи апринципқәеи ирҿагыло адезинформациа шәаҿагылароуп. Уи иаҳзеиҧшу хықәкуп. Хәымчыбжь рыла адезинформациа аҧыхра ҟалом, аха, уи аҿагылара ҳҽазаҳкроуп. Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟалар рҭахуп. Ҳара, Евроеидгыла ахаҭарнакцәа, аргама ишәаҳҳәар ҳҭахуп Евроеидгыла ашәқәа шаарту. Иахьа Еврокомиссиа Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа ирыбжьанагеит Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьарц, убри аҟынтә, ҳара хықәкык азы аус аауроуп — Қырҭтәыла излауа ала ирласны Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз», — иҳәеит Павел Герчински.