Павел Герчински – Ҳара Евроеидгыла азааигәахара апроцессаҿ Қырҭтәыла аполитикатә елита зегьы рҽазышәара аабар ҳҭахуп
«Ҳара Евроеидгыла азааигәахара апроцессаҿ Қырҭәтыла аполитикатә елита зегьы рҽазышәара аабар ҳҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински 12 абжьагарақәа рынагӡара иадҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, 12 ахырхарҭақәа зегьы рыла апрогресс дақәгәыҕуеит.
«Ишысҳәахьаз еиҧш, ҳара Евроеидгыла азааигәахара апроцессаҿ Қырҭтәыла аполитикатә елита зегьы рҽазышәара аабар ҳҭахуп. 12 ахырхарҭақәа зегьы рыла апрогресс ҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ҳара аконструктивтә аинклиузивтә процесс аабар ҳҭахуп. Амилаҭтә консенсус аабар ҳҭахуп», — иҳәеит Павел Герчински.