Павел Герчински – Ҳара арҭбаара ду ҳалацәажәоит, уи Евроеидгыла ахаҭазгьы имариам ҳасабтәуп
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински ишиҳәаз ала, иара 2030 шықәсанӡа Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалап ҳәа дгәыҕуеит.
Қырҭтәыла 2030 шықәсазы Евроеидгыла алаларазы ашанс амоума ҳәа ианиазҵаа, Герчински ишиҳәаз ала, иареи игәыҧи ари азҵааразы активла аус руеит.
«Убас иҟалап ҳәа сгәыҕуеит. Убри азоуп абра сзыҟоу, сареи сгәыҧи ари азҵааразы активла аус аауеит, атәыла аиҳабыра ареформақәа рымҩаҧгараҿы ҳрыцхраауеит, аха, иара убас, наҟ-наҟтәи анапхгарагьы ҳалацәажәоит. Ҳара, Евроеидгыла, шәтәыла ҳацхраарц азоуп абра ҳзыҟоу, аха, ақырҭуаа роуп зегьы зхьыҧшу. Ҳара ҳазынтәгьы аус еицаауроуп. Атәыла ари апроцесс азы ихиазароуп. Егьы аганахьала, Евроеидгыла иалоу 27 аҳәынҭқаррақәа алахәыла ҿыцқәа рыдкылара иазыхиазароуп, избанзар, иакымкәа атәылақәа ҳрылацәажәоит, лымкаала, Мрагыларатә партниорра иалахәы Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи, иара убас, Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәагьы ҳрылацәажәоит, дара ари апроцесс иалагеит акыраамҭа аҧхьа, 20 шықәса раҧхьа.
Ҳара арҭбаара ду ҳалацәажәоит, уи Евроеидгыла ахаҭазгьы имариам ҳасабтәуп. Убри азоуп Шарль Мишель иҳәамҭа аҵакы ду занашьаз. Иара акандидат тәылақәа рыхиазаара мацара акәымкәа, уажәтәи алахәылацәа арҭбааразы рыхиазаарагьы иадҳәаланы адискуссиа ааиртит. Раҧхьаӡа акәны аконкреттә рыцхә азы ажәалагала ҟаҵоуп – 2030 шықәса, бжьышықәса рышьҭахь. Сара агәыҕра ду сымоуп ус шыҟало», — иҳәеит Павел Герчински.