Павел Герчински - Евроинтеграциа – аҳасабтә дуӡӡоуп, аганқәа зегьы ирыхәҭоу ҟарҵароуп, аиҳабыра русура аинклиузивтә ҟазшьа амазароуп, аоппозициаа конструктивла аус руроуп
Евроинтеграциа – аҳасабтә дуӡӡоуп, аганқәа зегьы ирыхәҭоу ҟарҵароуп, хымҧада еидгыланы аус еицыруроуп, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Герчински ишиҳәаз ала, аиҳабыра русура аинклиузивтә ҟазшьа амазароуп, аоппозициаа конструктивла аус руроуп.
„Қырҭтәыла агерб санахәаҧшуа, иаразнак сцәа ианыруеит уи акзаара ҕәҕәа ацәаныррала ишаҧҵаз, абри ауп евроинтеграциазы иаҭаху. Евроинтеграциа – аҳасабтә дуӡӡоуп, аганқәа зегьы ирыхәҭоу ҟарҵароуп, аиҳабыра русура аинклиузивтә ҟазшьа амазароуп, аоппозициаа конструктивла аус руроуп, азеиҧш ҽазышәараҿы алагала аҟаҵара рҽазыркроуп. Ақырҭуаа еидгылар, ақәҿиара ду роур рылшоит. Қырҭтәыла иахьатәи анапхгара уи шырҭаху здыруеит, апарламент иалоу аоппозициатә партиақәагьы уи рҭахуп. Гәыкала агәра згоит абри ахықәкы ирласӡаны анагӡаразы ҳазынтәгьы аус шеицаауа“, – иҳәеит Павел Герчински.