Павел Герчински - Бриуссель иргәаҧхап ҳәа азакәӡам жә-шьаҿак зынагӡатәу, арҭ ашьаҿақәа ҟаҵатәуп ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи Евроеидгыла астандартқәа рзааигәахареи азыҳәан
Жә-шьаҿак рынагӡара ахадаратә ҵакы амоуп анеҩстәи аетапахь Қырҭтәыла аиасиарзы, ари аетап Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара ауп, абарҭ ашьаҿақәеи аетапқәеи Бриуссель иргәаҧхап ҳәа азакәаӡам изынагӡатәу“, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински асоциалтә медиа ахархәарала ауааҧсыра рызҵаарақәа аҭак анриҭоз.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, Евроеидгылаҿы Қырҭтәыла аҧеиҧш жә-шьаҿак рынагӡара иахьыҧшуп.
„Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара иазҿлымҳауп, убри аҟынтә, Қырҭтәыла ауааҧсыра ревропатәи ҽазышәарақәа рынагӡаразы, аполитикатә лидерцәа конструктивла аус еицыруроуп. Агәра шәсыргар сҭахуп Евроеидгыла ари апроцессаҿ Қырҭтәыла ишацхраауа. Аха, Евроеидгыла алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла напхгагас иамазароуп азакәан аиҳаӡареи ауаҩытәыҩса изинқәеи рыхьчара“, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.