Павел Герчински - Ахада лимпичмент иазку апроцедура адеполиаризациазы ихырҳагахоит, зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаԥгаразы иаҭахуаҭагылазаашьа аԥнаҵоит ҳәа сгәы иаанагом
Павел Герчински - Ахада лимпичмент иазку апроцедура адеполиаризациазы ихырҳагахоит, зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаԥгаразы иаҭахуаҭагылазаашьа аԥнаҵоит ҳәа сгәы иаанагом

Ахада лимпичмент иазку апроцедура адеполиаризациазы ихырҳагахоит, зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаԥгаразы иаҭахуаҭагылазаашьа аԥнаҵоит ҳәа сгәы иаанагом, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински ажурналистцәа данрацәажәоз.

Павел Герчински иажәақәа рыла, Евроеидгылаҿ адемократиа агәра ргоит.

“Қырҭтәыла акоҳабитациа ахьыҟоу – Ахадеи аиҳабыреи рҳәатәы ахьеиқәымшәо – тәыла заҵәык акәӡам. Стәылаҿгьы абри еиԥш аҭагылазаашьоуп.  Ахада лимпичмент иазку апроцедура адеполиаризациазы ихырҳагахоит, зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаԥгаразы иаҭахуаҭагылазаашьа аԥнаҵоит ҳәа сгәы иаанагом. Уажәы уаҳа акгьы сызҳәом”, – иҳәеит Герчински.

Апарламенттә аиҳара Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лимпичмент апроцедура еиҭалагара иазку аӡбара рыдыркылеит.