Павел Герчинский – Еврокомиссиеи Евроеидгыла иалоу атәылақәеи Қырҭтәыла апрогресс иахәҭоу ахәшьара арҭоит, иҳалшо ала ҳшәыцхраауеит, алҵшәа бзиа ҳақәгәыҕуеит, уи акандидат астатус аиура ауп иаанаго
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински иҳәамҭала, Қырҭтәыла апарламент аҿы акомитетқәа рхантәаҩцәа рҧылараан, абжьагарақәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла иалшо ала атәыла иацхраауеит.
«Иахьатәи амш Қырҭтәыла апарламентаҿ имҩаҧызгеит. Апарламенттә комитетқәа рхантәаҩцәа сырҭааит. Ахадаратә ҵакы аман 12 абжьагарақәа рынагӡара азҵаара. Инеизакны иуҳәозар, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизааигәахара апроцесс ҳалацәажәеит, избанзар, ҳазҭагылаз ашықәс анҵәамҭазы, зны Еврокомиссиа, анеҩс, Евроеидгыла иалоу атәылақәа, Қырҭтәыла апрогресс ахәшьара аҭаны, Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы анеҩстәи ашьаҿақәа ирызкны аӡбара рыдыркылоит.
Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала, сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ари апроцессаҿ иҳалшо ала ҳашшәыцхраауа. Алҵшәа бзиа ҳақәгәыҕуеит, уи акандидат астатус аиура ауп иаанаго. Ҳара Қырҭтәыла аиҳабырагьы апарламенгьы ари аусура амҩаҧгараҿы рыцхраара ҳазыхиоуп», — иҳәеит Павел Герчински.