Парижтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҽалархәра анеҩс, аҳәеилышьҩы Сандро Базаӡе аҧсадгьылахь дхынҳәит
Парижтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҽалархәра анеҩс, аҳәеилышьҩы Сандро Базаӡе аҧсадгьылахь дхынҳәит

Париж имҩаҧысуа  33-тәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҽалархәра анеҩс, аҳәеилышьҩы Сандро  Базаӡе аҧсадгьылахь дхынҳәит. Изгәыбылҩцәеи иуацәеи Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ иҧылеит.

Сандро Базаӡе ажурналистцәа данрацәажәоз, арҭ аицлабрақәа аихшьаала рзуны, арбитр ииашамкәа дышизныҟәаз иазгәеиҭеит.

Ақырҭуа аҳәеилышьҩы  Сандро Базаӡе египеттәи аспортсмен  Моҳамед Амер даниацлабуаз, аӡбаҩцәа ииашамкәа ирыдыркылаз аӡбара амшала  даҵахеит.

Абри афакт иадҳәаланы, Қырҭтәыла Аҳәеилышьразы афедерациа жәларбжьаратәи афедерациашҟа ашшыҧхьыз дәықәнаҵеит.