Аҳәеилышьра  | Сандро Базаӡе аолимпиатә лицензиа иоуит
Аҳәеилышьра  | Сандро Базаӡе аолимпиатә лицензиа иоуит

Адунеитә реитинг алидер  Сандро Базаӡе аолимпиатә лицензиа иоуит. Париж имҩаҧысраны иҟуо Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы иара ахынтәраан Қырҭтәыла ахьӡала дықәгылоит. Аолимпиада алицензиатә турнирқәа рышьҭахь Базаӡе  жәларбжьаратәи ареитинг аҿы аҧхьагылара имоуп.

Сандро Базаӡе  – адунеи ачемпионатқәа рҿы араӡнытәи аџьазтәи медальқәа игахьеит, Европатәи ахәмаррақәа рҿы актәи аҭыҧ ааникылеит, Европа ачемпионуп, Адунеи ахраҿа изныкымкәа игахьеит.

2016 шықәсазы  Рио-де-Жанеиро имҩаҧысыз аолимпиадаҿ  Сандро Базаӡе 13-тәи аҭыҧ ааникылеит, Токио имҩаҧысуаз анеҩстәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы афиналбжаҿы даҵахан,  4-тәи аҭыҧ ааникылеит.