Палестина азхаҵара иазку аҳәамҭақәа рышьҭахь, Ирландиеи Норвегиеи рҟынтә израиль ацҳаражәҳәаҩцәа дырхынҳәит
Палестина азхаҵара иазку аҳәамҭақәа рышьҭахь, Ирландиеи Норвегиеи рҟынтә израиль ацҳаражәҳәаҩцәа дырхынҳәит

Палестина азхаҵара иазку аҳәамҭақәа рышьҭахь, Ирландиеи Норвегиеи рҟынтә израиль ацҳаражәҳәаҩцәа “аконсультациақәа рзы” идырхынҳәит, – ааицҳаит Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр Исраель Кац.

Кац иажәақәа рыла, “Израиль аҟынтә Палестина азхаҵара иџьбароу ақәҿыҭра аиуеит. Палестинатәи аҳәынҭқарра Испаниагьы  азханаҵар, уи аганахьалагьы иашьашәалоу аӡбара рыдыркылоит.

„Арҭ атәылақә ажьҭаара 7 рзы иҭахаз ауаа ирхашҭны, ииашам ашьаҿақәа ҟарҵоит, ари 128 атҟәацәа рыԥсахроуп, “Ҳамаси” џьамтәылатәи аџьҳадистцәа рыдгылароуп“, –иҳәеит израильтәи адипломат.

Лаҵара 28 рзы Испаниеи, Ирландиеи, Норвегиеи Палестина ҳәынҭқаррас азханаҵоит.

2024 шықәса мшаԥы анҵәамҭазы ЕАР иалоу 193 ҳәынҭйарра рҟынтә Палестина 139 тәыла азхарҵеит.