Пакистан аџьамаа аҧжәараан иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡара 87-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Пакистан аџьамаа аҧжәараан иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡара 87-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Пакистантәи ақалақь Пешавар аџьамаа аҧжәараан иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡара 87-ҩык рҟынӡа инаӡеит,  150-ҩык ахәрақәа роуит, урҭ рҟынтә зҭагылазаашьа цәгьоу рацәоуп. Пакистан амаҵзураҷыдақәа ишаарыцҳаз, аџьамааҿ аныҳәара анымҩа́ԥысуаз аамҭазы, атерорист иҽишьит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аҧжәараан аџьамааҿы  300-400-ҩык азакәанхьчаҩцәа иҟан. Аџамаа ахьыҟоу аиарион аҿы аполициа аофоси, аԥшыхәратәи аконтртерористтәи буироқәа иҟоуп.

Пакистан аԥыза-министр Шеҳбаз Шариф иҟаиҵаз аҳәамҭала, атерористцәа азакәанхьчаҩцәа ршәара рҭахын.

Аҵысра “Талибан” Пешавар аџьамаа аҧжәара ҳамадаӡам ҳәа аанацҳаит.