Паата Бурҷулаӡе иҳәамҭала, иара абахҭаҿы Михаил Саакашвили иҧсахра дазыхиоуп
Паата Бурҷулаӡе иҳәамҭала, иара абахҭаҿы Михаил Саакашвили иҧсахра дазыхиоуп.
Барҷулаӡе асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, Қырҭтәылаҟа аара дазыхиоуп.
«Зегьы ҳәаак амоуп, абри ҭагылзаашьа уаҳа иучҳаратәы иҟам, сара ахҧатәи ахада ишьра салахәызар сҭахым. «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа, шәара зегьы рыла азакәан еилажәгоит: алхрақәа рылҵшәақәа шәырҩашьоит, акгьы зхарам ауаа аанкыланы, шәара ишәтәу аӡбарҭаҿы ишышәҭаху рус шәыӡбоит. Акы еиҧшымкәа сшәыҳәоит, даҽазнык азакәан еилаганы, ахҧатәи ахада ицынхәрас сара абахҭа сҭашәкырц сшәыҳәоит. Иара амультифункциатә клиникаҿы аҽыхәышәтәра алшара ишәҭ. Сшәыҳәоит, сыҳәара нашәыгӡа, сара иахьаҵәҟьа Қырҭтәылаҟа анеира сазыхиоуп. Убри ала Биӡина Иванишвили игәы иаахәааша 2 уск ҟашәҵоит. Иванишвили даараӡа ицәымҕу ҩыџьа абаандаҩцәа имазаауеит», — иҩит Паата Бурҷулаӡе асоциалтә аҳаҿы.