Орбелианиаа рханаҿ Саломе Зурабишвили лхартиа анапаҵаҩра апроцесс инагӡоит  [афото]
 Орбелианиаа рханаҿ Саломе Зурабишвили лхартиа анапаҵаҩра апроцесс инагӡоит  [афото]

Орбелианиаа рханаҿ атәыла ахада Саломе Зурабишвили  аоппозициатә политикатә партиақәа ирыдалгалаз ахартиа  анапаҵаҩра апроцесс инагӡоит.

Адокумент рнапы аҵарҩит: Ека Беселиа, Елене Хоштариа, Зураб Џьаҧариӡе, Паата Давиҭаиа, Гиа Гачечилаӡе, Мамука Хазараӡе, Ника Мелиа, Ника Мачутаӡе, Бачуки Қардава, Гига Бокериа, Қеван Туразашвили, Ҭина Бокучава, Паата Манџьҕалаӡе, Давиҭ Берӡенишвили, апартиа «Ажәлар рзы» ахаҭарнак.

«Гирчи»-и Гахариа ипартиеи уажәазы ахартиа анапаҵаҩразы мап ркит.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лаҵара  26 рзы аполитикатә партиақәа ирыдалгалеит аусмҩаҧгатәқәа рплан  «Ақырҭуа хартиа».