Орбелианиаа рхан аҿы онлаинмедиа рзы ахада лвебдаҟьа ҿыц аӡыргара мҩаԥган
Орбелианиаа рхан аҿы онлаинмедиа рзы ахада лвебдаҟьа ҿыц аӡыргара мҩаԥган

Орбелианиаа рхан аҿы аинформациатә агентрақәеи аинформациатә порталқәеи рзы ахада лвебдаҟьа ҿыц аӡыргара мҩаԥган.

Қырҭтәыла ахада лвебдаҟьа  www.president.ge ауп. Ахада лпрессмаҵзура аинформациа ала, аинтернетҭыӡҭыԥ аԥсахра жәларбжьаратәи апрактика иазыԥхьагәаҭаны рыӡбеит.

Авебдаҟьа ҿыц аилахәыра “Просервис” аԥнаҵеит.

Асаит аҿы аинформациа аԥхьара ақырҭуа бызшәалеи, англыз бызшәалеи, аԥсуа бызшәалеи ҟалоит.