Апартиа "Қырҭтәылазы" ахада иалхра аҵас иазку аконституциа аԥсахрақәа рылагалараз аԥшьгара ҟанаҵоит
Апартиа "Қырҭтәылазы" ахада иалхра аҵас иазку аконституциа аԥсахрақәа рылагалараз аԥшьгара ҟанаҵоит

Апартиа “Қырҭтәылазы” ахада иалхра аҵас иазку аконституциа аԥсахрақәа рылагалараз аԥшьгара ҟанаҵоит.

Иахьа имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы Беқа Лилуашвили ишааицҳаз, уаанӡа иҟаз аҵас ихынҳәтәуп – Қырҭтәыла ахада алхратә коллегиа ацынхәрас, Қырҭтәыла атәылауаа далырхроуп.

„Ари ахала илегитимациеи ихьыԥшымреи ирыдгылоит. Иванишвили анапхгараҿ абаланс апроблемақәа дрыхцәажәеит, “Ақырҭуа гәахәтәы” анапхгара иҳәаақәҵам ихылаԥшрадоу амчра иахырҟьаны, атәылаҿ апроблемақәа рацәоуп. Аха арҭ апроблемақәа акрнструктивла рҭыԥқәҵаар ацынхәрас, анапхгара рхылаԥшҩыс икандидатура ҳадигалеит. Биӡина Иванишвили ихатә “гәахәтәы” ала ишьақәгылоу анапхгараҿ абаланс иҭахуп ҳәа сгәы иаанагом, адемократиатә системаҿ хаҿык аҭышәынтәалара гарантс дзыҟалом. Иинтересқәа ирылазароуп алегитимациа ҳарак змлу аконституциатә  институтқәа рыхьчара. Убри аҟынтә “Агәахәтәы” пату зқәу аъантәаҩи апарламент аиҳареи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аконституциатә ԥсахра аус адулара ҳалагар. Ахада иалхра аҵас иазку аконституциа аԥсахрақәа рылагалараз аԥшьгара ҟаҳҵоит. Уаанӡа иҟаз аҵас ихынҳәтәуп – Қырҭтәыла ахада алхратә коллегиа ацынхәрас, Қырҭтәыла атәылауаа далырхроуп”, – иҳәеит Лилуашвили.