Оливер Вархели - Европа Урыстәыла ада ашарҭадара асистема ҿыц аҧнаҵароуп
Оливер Вархели - Европа Урыстәыла ада ашарҭадара асистема ҿыц аҧнаҵароуп

«Иахьа Урыстәыла аҽалархәрала европатәи ашәарҭадаратә система зыҟалом», — иҳәеит Еврокомиссар  Оливер Вархели  Страсбург имҩаҧысуаз Европарламент апленартә аилатәараҿы.

«Аиҧылараҿы азҵаара хада иқәыргылан  —  Европа аҵакырадгьылаҿ аполитикатә аиҿкаареи ашәарҭадареи аиқәырәшаразы принципқәас иҟои?  Уажәазы  Урыстәыла аҽалархәара Европа аҭынчра архитектура ҿыци ашәарҭадареи зеиҿкаахом.  Урыстәыла ҳгеографиатә агәылас иаанхоит, аха, уажәы Урыстәыла ада европатәи ашәарҭадара аиқәыршәара ҳалшароуп», — иҳәеит Еврокомиссиа ахаҭарнак.

Вархели иажәақәа рыла, Прагатәи асаммит алахәылацәа иазхарҵеит Урыстәыла ала Украина ажәылара ишиашо европатәии адунеитәи аиҿкаара ишаахаз, европатәии жәларбжьаратәии ашәарҭадара шеиланагаз.