Агмыгра абираҟқәа рбылра ала иалагоит, аха, сара сзы ари афакт усҟак аҵакы амам. Иахьа шьыжьымҭан апарламент ахантәаҩы Евроеидгыла абираҟ аҭыҧашҟа ирхынҳәит, абри ауп сара сзы зегьы реиҳа ихадоу», — иҳеит Еврокомиссар Оливер Варҳеи иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.
«Агмыгреи амчылареи акгьы рхылҵуам. Ауааҧсыра еилыркаароуп амчылара акгьы шахылымҵуа. Аҧыза министри сареи иахьа абри азҵаара ҳалацәажәеит. Ишсеиҳәаз ала, аусеилыргара мҩаҧысуеит, ахара зду ауааҧсыра зегьы ахьырхәра ҕәҕәа роуеит.
Евроеидгыла абираҟ иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп. Агмыгра абираҟқәа рбылра ала иалагоит, аха, сара сзы ари афакт усҟак аҵакы амам. Иахьа шьыжьымҭан апарламент ахантәаҩы Евроеидгыла абираҟ аҭыҧашҟа ирхынҳәит, абри ауп сара сзы зегьы реиҳа ихадоу», — иҳәеит Оливер Варҳеи.
Иацы, «Праид Ҭбилиси» иаҿагылаз аконтракциа алахәылацәа, Қырҭтәыла апарламент ахыбра иаахагылаз Евроеидгыла абираҟ рблит. Иахьа шьыжьымҭан апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава абри аҭыҧаҿыҵәҟьа Евроеидгыла абираҟ шьҭихит.