Оливер Варҳеи – Сара Қырҭтәыла аҧыза-министр Бриуссель сиҧылеит, иара ацҳамҭа ҳзааигеит, аҳәарақәа зеиҧшроу жәдыруеит, нас, иҟашәҵа, шәара ауникалтә алшара шәымоуп
Оливер Варҳеи – Сара Қырҭтәыла аҧыза-министр Бриуссель сиҧылеит, иара ацҳамҭа ҳзааигеит, аҳәарақәа зеиҧшроу жәдыруеит, нас, иҟашәҵа, шәара ауникалтә алшара шәымоуп

«Аӡәы Евроеидгыла алахәылас дҟалар иҭахызар, уажәы зеиҧшҟамлац алшара имоуп, абри алшара шәхы иашәырхәа», — иҳәеит агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы еврокомиссар  Оливер Варҳеи Стокгольм имҩаҧгаз иофициалым аиҧылара ашьҭахь, уаҟа Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи рыла абжьагарақәа рынагӡара иазку аҳасабырба цәырган.

«Иахьатәи адискуссиагьы ҧасатәи ҳаиҿцәажәарақәагьы ишаадырҧшыз ала, уажәы Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи абарҭ апроцессқәа активла ирылахәып, арҭбаара азҵаара зегьы реиҳа зҵакы дуу азҵаарақәа иреиуп. Аӡәы Евроеидгыла алахәылас дҟалар иҭахызар, уажәы зеиҧшҟамлац алшара имоуп, абри алшара шәхы иашәырхәа.  Сара Қырҭтәыла аҧыза-министр Бриуссель сиҧылеит, иара ацҳамҭа ҳзааигеит, аҳәарақәа зеиҧшроу жәдыруеит, нас, иҟашәҵа, шәара ауникалтә алшара шәымоуп. Уи аҿы шәыцхраара ҳазыхиоуп, аха, атәылақәа зегьы акритериқәа нарыгӡароуп. Аиҳабыра абжьагарак раҳҭоит – ахырхарҭақәа зегьы рыла ирласӡаны аусура хдыркәшароуп, жьҭааразы ҳара Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирызку аҳасабырба ҳамазаарц азыҳәан. Егьырҭ шәырмыхәаҧшын, шәара иҟашәҵар ишәылшо ауп шәызхәаҧшыша, иҟаҵатәу зегьы ҟашәҵар, атәыла анеҩстәи ашьаҿақәа рыҟаҵара алшоит», — иҳәеит  Варҳеи.