Оливер Варҳеи - Қырҭтәыла 12 приоритет рынагӡара активла аус аднаулоит, аӡбарҭа ареформеи акоррупциа аҿагылареи рхырхарҭала апозитивтә шьаҿақәа иубарҭоуп
Иашьҭанеиуа амчыбжьқәеи амзқәеи рзы Қырҭтәыла аџьаба ду абароуп акандидат статус аиура шақәнаго шьақәнарӷәӷәарц, – иҳәеит Европа агәыларатә политикеи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.
Варҳеи иажәақәа рыла, ари агәҭакы нагӡахоит атәыла зегьы, Қырҭтәыла зегьы, нхыҵи ахыҵи иҟоу ақырҭуаа зегьы уи аус адулара амчқәа еидкыланы рылшар.
„Аҭоурых ҩынтә ашанс ҳанаҭом, убри аҟынтә иахьа иҳамоу алшара аиуразы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Ари азы 12 приоритет наҳагӡароуп. Ари ахырарҭала аҭоурых бзиа аԥаҳҵароуп. Қырҭтәыла аиҳабыра 12 приоритет рынагӡара активла аус аднаулоит. Аӡбарҭа ареформеи акоррупциа аҿагылареи рхырхарҭала апозитивтә шьаҿақәа иубарҭоуп, акоррупциа аҿагылара ахырхарҭаҿ Қырҭтәыла аԥхьагылара змоу тәылоуп. “Жәларбжьаратәи лабҿабара” аинформациала, Қырҭтәыла ари ахырхарҭала апозитивтә практика амоуп, аха антикоррупциатә агентра ахақәиҭра аиурц азы, адеолигархизациа иазку азакәан аҭахуп. Аусура алагахьеит, аха аиҿкаара змоу ацәгьаура аҿагыларазы активтә уснагӡатәқәа мҩаԥгатәп”, – иҳәеит Оливер Варҳеи.