Олаф Шольц - Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи Евроеидгыла иалалароуп
Германтәыла аканцлер Олаф Шольц иҳәамҭала, Германтәыла Евроеидгыла арҭбаареи Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи аекономикатә блокахь ралалареи иадгылоит. Reuters адыррала, Шольц ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Прагатәи ауниверситет аҿы данықәгылоз.
«Иҭбаахо Евроеидгылаҿ атәылақәа зегьы рполитикатә интересқәа еиҧшымхар ҟалап. Иахьа аиқәшаҳаҭхара ахьаҭаху азҵаарақәа рҿы атәыла цыҧхьаӡа вето азин ахы иархәаны, егьырҭ атәылақәа ирҧырхагахар ауеит. Убри аҟынтә, сара етапла абжьыҭирахь аиасра рыдазгалеит, атәылақәа рдәныҟатәи политикеи егьырҭ аусхкқәеи иазҧхьагәаҭаны», — иҳәеит Олаф Шольц.