Олаф Шольц - Путин иахь ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа арратә жәылара, ашьакаҭәара аникыларц, Украина аҵакырадгьыл аҟынтә ар ралгара аӡбара идикыларц
Олаф Шольц - Путин иахь ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа арратә жәылара, ашьакаҭәара аникыларц, Украина аҵакырадгьыл аҟынтә ар ралгара аӡбара идикыларц

Путин агәылацәа агәаҟреи анырҵәареи рзааигоит,- иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц.

Шольц иажәақәа рыла, жәабран 24 Украинеи Европа зегьи рзы алахьеиқәҵага мшуп.

“Урыстәыла ажәыларала Урыстәыла ахада жәларбжьаратәи зин даҽазнык еилаигеит. Путин агәылацәа агәаҟреи анырҵәареи рзааигоит. Уи Украина асуверенитети аҳәаақәеи еилаигоит. Украина зықьҩыла аҭынч тәылауаа ашәарҭа ҭаиргылоит. Ари ариашара ҟалом. Ари Путин иеибашьроуп. Асанкциақәа хықәкыс ирымоуп Урыстәыла анапхгара идырбарц агрессиааҭакс аиуа. Путин агха ду ҟаиҵеит. Путин иахь ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа арратә жәылара, ашьакаҭәара аникыларц, Украина аҵакырадгьыл аҟынтә ар ралгара аӡбара идикыларц,” -изгәеиҭеит Германтәыла аканцлер.