Олаф Шольц ишааицҳаз, Украина ицо аибашьра урыстәылатәи ар ралгара аа ихыркәшароуп
Олаф Шольц ишааицҳаз, Украина ицо аибашьра урыстәылатәи ар ралгара аа ихыркәшароуп

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц ишааицҳаз, Украина ицо аибашьра урыстәылатәи ар ралгара аа ихыркәшароуп.

“Ари аибашьра ишхыркәшатәу еикаауп. Урыстәыла ар алнагароуп”, – иазгәеиҭеит Шоль Евроеидгыла асаммит ахыркәшара ашьҭахь.

Олаф Шольц иажәақәа рыла, аибашьра ахыркәшара абри асцерани ихымԥадатәиуп, Урыстәыла ахада Владимир Путин имоу аимпериалисттә хыкқәа рынагӡареи, Европа аҳәаақәа рыԥсахреи илымшарц азы.

Шольц ишазгәеиҭаз, Евроеидгыла атәылақәа иахьынӡаҭаххо Украина адгылара нарыгӡоит. Уаанӡа Германтәыла аканцлер иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина урыстәылатәи агрессиа ирласны ихыркәшап ҳәа игәы иаанагом.