Олаф Шольц - Иашьҭанеиуа хәышықәса ирылагӡаны Украина Германтәылантә 17 миллиард евро иаԥсоу абџьар аиуеит
Олаф Шольц - Иашьҭанеиуа хәышықәса ирылагӡаны Украина Германтәылантә 17 миллиард евро иаԥсоу абџьар аиуеит

Иашьҭанеиуа хәышықәса ирылагӡаны Украина Германтәылантә 17 миллиард евро иаԥсоу абџьар аиуеит, – иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц.

Мышкәк раԥхьа Германтәыла Украина азышьақәнарӷәӷәеит 600 мллион евро иаҟароу ацхыраара апакет.

Германтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, апакет аҿы иазыԥхьагәаҭоуп аҳауахьчаратә система “Петриот” ҩқәыргыламҭак, иара убас “Мардер” атип змоу 40 рҟынӡа аибашьыга машьынақәеи, “Леопард” атип змоу 25 танки, аԥырҩы дызмам аппарат “Лунаси”.