Оҭар Шамугиа – 2023  шықәсазы ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт  1.44 миллиард адоллар иаҟаран
Оҭар Шамугиа – 2023  шықәсазы ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт  1.44 миллиард адоллар иаҟаран

Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Оҭар Шамугиа ишиҳәаз ала, атәылаҿы аекспорт арбага азҳара иаҿуп.

Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла апарламентаҿ  2023 шықәсатәи аҳасабырба анцәыригоз.

„Аҵыхәтәантәи 5 шықәса рыла ақырҭуа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекпорт арбага азҳара абжьаратә арбага  13 наӡына иаҟароуп,  2023 шықәсазы ари арбага зеиҧшҟамлац ала идуун, 1.44 миллиард адоллар иаҟаран,  2022 шықәсатәи арбага иаҿаҳарҧшыр,  15%-ла азҳара ҳамоуп. Аекспорттә тәылақәа ргеографиагьы иаҳа иҭбаахеит“, – иҳәеит Оҭар Шамугиа.

Иара иажәақәа рыла, аекспорт азҳара атенденциа ихьчоуп  2024 шықәсазгьы.

„Сынтәа актәи акварталаз Қырҭтәылантә аекпортахь идәықәҵан  365 миллион адоллар рыхә ақыҭанхамҩатә аалыҵ, ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага иаҿаҳарҧшыр,   22%-ла азҳара ҳамоуп“, – иҳәеит Оҭар Шамугиа.