Нона Мамулашвили  Владимир Зеленски диҳәеит  Михаил Саакашвили атҟәацәа реиҭныҧсахлара апринципла ихақәиҭтәра дацхраарц  
Нона Мамулашвили  Владимир Зеленски диҳәеит  Михаил Саакашвили атҟәацәа реиҭныҧсахлара апринципла ихақәиҭтәра дацхраарц  

 

«Иаку амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы иҭыҧ азы акандидат  Нона Мамулашвили Владимир Зеленски диҳәеит  Михаил Саакашвили атҟәацәа реиҭныҧсахлара апринципла ихақәиҭтәра дацхраарц.  Мамулашвили ари аҳәамҭа ҟалҵеит иахьатәи абрифинг аҿы.

Мамулашвили лҳәамҭала, Саакашвили Урыстәыла адҵала абахҭа дҭаркит, убри аҟынтә, ихақәиҭтәра азҵаара Қырҭтәыла акәымкәа, Урыстәылоуп иахьырыӡбо.

«Ахада Зеленски иахь ааҧхьара ҟаҳҵар ҳҭахуп.  Ҳаҭыр зқәу ахада, иахьа шәара шәфырхаҵоуп. Ахақәиҭра азықәҧара аганахьала аҿырҧштәы бзиа ҳашәҭеит. Иахьа ақырҭуа жәларгьы ақәҧара иаҿуп, ҳтәыла анапхгара ирабашьуеит.  Иахьа абахҭаҿ аҧсра даҿуп Қырҭтәыла ахҧатәи ахада, Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили.  Иара Қырҭтәыла дыҟоуп, аха,  ахәышәтәразы ииагара азҵаара Москвоуп иахьырыӡбо.  Иахьа шәҭагылазаашьа шыуадаҩу аадыруеит, аха, уезгьы, ҳшәыҳәар ҳҭахуп Урыстәыла анапхгара аҵаҟа иҟоу ҳтәыла аиҳабыра шәрацәажәаны,  Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили атҟәацәа реиҭныҧсахлара апринципла иоужьҭра шәацхраарц. Михаил Саакашвили абахҭаҿ дыҧсыр, ақырҭуа жәлар зегьы арыцҳара иҭагылоит, уи атәылауаҩратә аимак ахылҵыр ауеит, акы еиҧшымкәа ҳшәыҳәоит абри арыцҳара ацәцараҿы ҳшәыцхраарц», — илҳәеит  Нона Мамулашвили.