«Аҵыхәтәантәи 50 мшы рзы «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа рхы шымҩаҧыргоз, Михаил Саакашвили изинқәа шеиларгоз аабеит. Аҵыхәтәаны, Мраҭашәра абарҭ ахҭысқәа ирықәҿнаҭын, анапхгаратә гәыҧ Михаил Саакашвили аклиникашҟа ииагра рықәшәеит», — илҳәеит «Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла Нона Мамулашвили.
««Ақырҭуа гәахәтәы» иаҳцәырҕьычыз алхрақәеи ақырҭуа ҳәынҭқарреи дырхынҳәроуп. Ҳара аконституциатә хархәагақәа зегьы рыла ақәҧара наҳагӡоит. Уажәазы Михаил Саакашивли игәабзиара ауп ҳзызхәыцуа, избанзар, иара цәгьала дыҟан. Аха уи акәӡам аҳәара хадас иҳамоу. Ҳара изааамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара ҳаҳәоит, ақәҧара наҳагӡоит», — илҳәеит Мамулашвили.