Ниу Иорктәи ҭоуба зуз алатәаҩцәа рыӡбарҭа Дональд Трамп ашьаус азы ахара идуп ҳәа аԥхьаӡеит
Ниу Иорктәи ҭоуба зуз алатәаҩцәа рыӡбарҭа ЕАШ ԥасатәи ахада Дональд Трамп ашьаус азы ахара идуп ҳәа аԥхьаӡеит. Трамп афинанстә документқәа рԥаршеира ихарарҵоит.
Ҩымш ицоз аиҿцәажәара ашьҭахь, ҭоуба зуз алатәаҩцәа Трам 34 ус рҿы ахара иақәуп ҳәа рыԥхьаӡит. Аӡбақәҵазы ҭоуба зуз алатәаҩцәа реицҿакра аҭахын.
Аӡбаҩ ашьауӷақәҵа ԥхынгәы 11 рзы рылеиҳәиот.
Америка аҭоурых аҿы Дональд Трамп ашьаус азы ахара хқәырҵаз раԥхьаӡатәи ахада иоуп.