Аҩы амилаҭтә агентреи америкатә амаркетингтә еиҿкаара Colangelo&Partners-и рыдгылара ала, Ниу-Иорк ақырҭуа ҩы зымҽхак ҭбаау адегустациа мҩаԥган. Ауснагӡатә рхы аладырхәит 400-ҩык аҩы аспециалистцәа, – аанацҳаит агентра..
Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган адегустациа, амастер-класс. Асасцәа ақырҭуа ҩы 30 хкы ргьама рбеити, ақырҭуа ҩы, атрадициақәа, адин, акультура иазку адыррақәа роуит.