"Ниу Ҳоспиталс"  ареаниматолог – Ваке апаркаҿ ааха зауз ахәыҷы аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат даҿакуп, анеҩстәи уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала иҭагылазаашьа еицәамхароуп, уи ауп ахадаратә ҵакы змоу
 "Ниу Ҳоспиталс"  ареаниматолог – Ваке апаркаҿ ааха зауз ахәыҷы аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат даҿакуп, анеҩстәи уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала иҭагылазаашьа еицәамхароуп, уи ауп ахадаратә ҵакы змоу

Аклиника  «Ниу Ҳоспиталс» ахәыҷтәы реаниматолог Гьаргь  Квицинаӡе ишиҳәаз ала, Ваке апаркаҿ ааха зауз ахәыҷы аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат даҿакуп,  иара ареанимациатә аҟәша дҭоуп.

Аҳақьым иҳәамҭала, анеҩстәи уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала иҭагылазашьа еицәамхароуп, уи ауп ахадаратә ҵакы змоу.

«Ахәыҷы уажәгьы аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат даҿакуп, арцәагатә медикаментқәа иаҳҭан, дыцәоуп. Иҭагылазаашьа еицәамхеит.  Амедицинатә гәаҭарақәа изымҩаҧгоуп. Уажәазы ихшыбаҩ аҿы апаталогиатә аиҭакрақәа убарҭам», — иҳәеит Гьаргь  Квицинаӡе.

Ахәыҷы аҳәаанырцәҟа игара иадҳәаланы аҳақьым ишиҳәаз ала, имҩангараан уадаҩрақәак цәырҵыр ауеит, избанзар ахәыҷы макьана аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат даҿакуп, аха, уи еиҧш ахымҧадара ҟалар, аҳәаанырцәҟа ииагара азҵаарагьы иахәаҧшуеит.