Нино Ломџьариа  - Уажәазы сара Михаил Саакашвили аҳәаанырцә ихәышәтәра шаҳаҭу шьақәзырҕәҕәаша ашаҳаҭгақәа сымам
Нино Ломџьариа  - Уажәазы сара Михаил Саакашвили аҳәаанырцә ихәышәтәра шаҳаҭу шьақәзырҕәҕәаша ашаҳаҭгақәа сымам

 

«Уажәазы сара Михаил Саакашвили аҳәаанырцә ихәышәтәра шаҳаҭу шьақәзырҕәҕәаша ашаҳаҭгақәа сымам», — илҳәеит жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа.

Лара лажәақәа рыла, Саакашвили аҳәаанырцә ихәышәтәра иазкны абжьагара ҟарҵароуп иашьашәалоу аквалификациа змоу аҳақьымцәа.

«Аҳақьымцәа абахҭаҿы иара ихәышәтәразы аҭагылазаашьақәа иҟам ҳәа ргәы иаанагозар, иашьашәалоу абжьагара ҟарҵароуп. Сара еиҿыскааз аконсилиум иалахәы аҳақьымцәа ари азҵаара  иалацәажәомызт. Аха, иахьатәи аҭагылазаашьа зеиҧшроу интересс исымоуп.  Заанаҵы акгьы сызшәаҳәом.  Уажәазы сара Михаил Саакашвили аҳәаанырцә ихәышәтәра шаҳаҭу шьақәзырҕәҕәаша ашаҳаҭгақәа сымам», — илҳәеит Ломџьариа.