Николоз Самхараӡе 11 ҳәынҭқарра рдипломатиатә миссиақәа рхаҭарнакцәа ашәарҭадара азҵаарақәа ирызкны драцәажәеит
Николоз Самхараӡе 11 ҳәынҭқарра рдипломатиатә миссиақәа рхаҭарнакцәа ашәарҭадара азҵаарақәа ирызкны драцәажәеит

Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы  Николоз Самхараӡе Евроеидгыла атәылақәа рдипломатиатә миссиақәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит.

Апарламент апресс-маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиҧылараан ахадаратә ҵакы рыман арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәеи,  Украина имҩаҧысуа ахҭысқәеи,  Урыстәыла иҟанаҵаз агрессиатә шьаҿақәеи.

Самхараӡе ишазгәеиҭаз ала,  абарҭ апроцессқәа рҿы жәларбжьаратәи апартниорцәа рылахәызаара аҵакы ду амоуп,  избанзар,  Урыстәыла Украина иажәылар,  уи Украина мацара акәымкәа,  Қырҭтәыла аҧеиҧш азгьы анырра ду амазаауеит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа цәгьа иазааҭгылеит.

Адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи,  евроинтеграциеи ишадгыло. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҳаҧхьаҟагьы абри аҩыза аиҧыларақәа рымҩаҧгаразы еиқәшаҳаҭхеит.