Николоз Ҟиҧшиӡе - Сара Михаил Саакашвили иҳақьымцәа сырҧылеит, аоптималтә хәышәтәра изымҩаҧыргоит ҳәа ҳгәы иаанагоит
Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ихатә ҳақьым Николоз Ҟиҧшиӡеи аневролог Оҭар Тоиӡеи аклиника «Вивамеди» аҿы Саакашвили иҳақьымцәа ирҧылеит.
Николоз Ҟиҧшиӡе аклиника дандәылҵ ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, Саакашвили аоптималтә хәышәтәра изымҩаҧыргоит ҳәа игәы иаанагоит.
Николоз Ҟиҧшиӡе ишазгәеиҭаз ала, иара Саакашвили ихаҭа иахь днармышьҭит.
«Аҳақьым хада, апрофессор Чхаиӡеи еиуеиҧшым ахәҭақәа рнапхгаҩцәеи ҳарҧылеит. Ҧасатәи ахада изымҩаҧырго ахәышәтәратә курс ҳалацәажәеит. Ҳаҧхьаҟа иҟаҵатәу иазгәаҳҭеит. Михаил Саакашвили аоптималтә хәышәтәра изымҩаҧыргоит ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит Николоз Ҟиҧшиӡе.