Николаи Патрушев иҟаиҵаз аҳәамҭала, Курсктәи аобласт аҿы Украинаи мҩаԥнагаз ажәылараҿы   ацхыраара мраҭашәарантә иаиуит
Николаи Патрушев иҟаиҵаз аҳәамҭала, Курсктәи аобласт аҿы Украинаи мҩаԥнагаз ажәылараҿы ацхыраара мраҭашәарантә иаиуит

Урыстәыла ахада Владимир Путин ицхырааҩ Николаи Патрушев иҟаиҵаз аҳәамҭала, Курсктәи аобласт аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара аиҿкаараҿ Украина ацхыраар мраҭашәаратә аиуит.

“Курсктәи арегион аҟны аоперациа Натои мраҭашәаратә аԥшыхәратә маҵзурақәеи рҽалархәрала еиҿкаан”, – иҳәеит Патрушев.

Урыстәыла ахада ибжьагаҩ иажәақәа рыла, “аоперациа амҩаԥгара Киевтәи арежим аколлапс иахҟьан”.

Украина абџьармчқәа реиҳабы Александр Сирски иажәақәа рыла, украинатәи аруаа Курсктәи аобалст аҟны 82 аиланхарҭа ааныркылеит.