Никола Саркози - 2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟалаз аибашьра Владимир Путин  иоуп изхароу, иахьа Украина имҩаҧысуа аибашьрагьы иара ихароуп  
Никола Саркози - 2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟалаз аибашьра Владимир Путин  иоуп изхароу, иахьа Украина имҩаҧысуа аибашьрагьы иара ихароуп  

Франциа ҧасатәи  ахада  Никола Саркози иҳәамҭала, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟалаз аибашьра Владимир Путин  иоуп изхароу.

«Европеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа азҵаара ашәышықәсақәа рацәа ахыҵуеит. Сара ибзиаӡаны издыруеит Владимир Путин Қырҭтәылагьы Украинагьы иҟалаз ахҭысқәа шихароу», — иҳәеит  Саркози аҭыҧантәи АИХқәа аинтервиу анриҭоз.

Франциа ҧасатәи ахада иҳаҩсыз амчыбжь азы ажурнал  Le Figaro иаиҭаз аинтервиу иазкны иазҵааит. Аинтервиу аҿы Саркози ишиҳәаз ала, Украина имҩаҧысуа аибашьра аанкыларазы мҩа заҵәык ауп иҟоу  —  адипломатиа. Иара иажәақәа рыла,  «Урыстәыла  —  Европа агәылара иҟоуп, Урыстәылеи Европеи рҳәатәы шеиқәымшәогьы, еибаҭахуп».

Афранцыз АИХқәа ишырыҩуа ала, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Саркози абри аҳәамҭазы акритика изыруеит.