Никол Ҧашиниан – Шәамахьтәыла Азербаиџьан аҟны аихамҩатә аимадара аиҭашьақәыргылара иазыхиоуп
Никол Ҧашиниан – Шәамахьтәыла Азербаиџьан аҟны аихамҩатә аимадара аиҭашьақәыргылара иазыхиоуп

«Шәамахьтәыла Азербаиџьан аҟын аихамҩатә аимадара аиҭашьақәыргылара иазыхиоуп», —  иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашинян.

Шәамахьтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла,  атранспорттә коммуникациақәа арегионалтә  ҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи, инеизакны аҭынчреи аиқәыршәаразы аҵакы ду рымоуп.

«Иахьа ҳара арегионалтә транспорттә коммуникациақәа раартра азҵаара ҳахәаҧшуеит, Шәамахьтәыла ҳрегионаҿ атранспорттә коммуникациақәа раартра иазыхиоуп, уи аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Шәамахьтәыла Азербаиџьан аҟны аихамҩатә аимадара аиҭашьақәыргылара иазыхиоуп. Ҳара уи аофициалла ааҳацҳаит.  Анеҩс, автомагистральқәагьы, даргьы еиуеиҧшым амаршрутқәа рымазар ауеит, абри зегьы ҳрегион алшара ҿыцқәа азцәырнагоит. Шәамахьтәыла, егьырҭ атәылақәа реимадара алшоит.

Иара убас, ҳара, Шәамахьтәыла – Ҭырқәтәыла амаршрутла аихамҩа аартреи автомобилтә 2 мҩак  реиҭашьақәыргылареи  ҳазыхиоуп.  Абри зегьы ҳрегиони мацара акәымкәа, жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәеи, акультуратәи, аполиткиатәи аимадарақәеи, аглобалтә шәарҭадара аиқәыршәареи азы анырра ду амазаауеит», — иҳәеит Ҧашинян.