Никол Ԥашиниан - Шәамахьтәыла Азербаиџьан аҟны аҭынчратә аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азыхиоуп
Шәамахьтәыла Азербаиџьан аҟны аҭынчратә аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азыхиоуп, – ари атәы апрессконферениаҿ ааицҳаит Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан.
Шәамахьтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аҭынчра ашьақәыргылара Ереван азы ихадлу ахықәкқәа иреиуоуп, Азербаиџьан аҟны имҩаԥысуа адискуссиақәа зегьы ари ахырхарҭала рыхәаԥшра ҟалоит.
Ԥашиниан иажәақәа рыла, аифнормациатә хаос иахҟьаны, Шәамахьтәыла Азербаиџьан аҟны аҳәаа аделимитациеи адемаркациеи ирҿагылоуп ҳәа шәгәы иаанагоит, аха ари азҵаара даҽакала ауп ишыҟоу.
Пашиниаш ишазгәеиҭаз ала, Шәамахьтәыла Азербаиџьан аҟны аихамҩатә неиааира аиҭашьақәыргылара азҵааразы еиқәшаҳаҭхеит.
Шәамахьтәыла аԥыза-министр Ҭырқәтәылаҟны наҟ-наҟтәи еизыҟазаашьақәагьы дрыхцәажәан, Шәамахьтәыла-Ҭырқәтәылатәи еилацәажәарақәа иманшәаланы мҩаԥгахар, Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан диԥылар ҟалап.
Иара убас, Никло Ԥашиниан Москва 3+2 аформатла имҩаԥысыз аиԥылара дазааҭгылан, актәи аиԥылара ашьҭахь арискқәа иҟам хәа игәы шаанаго иазгәеиҭеит.