Ника Мелиа ишааицҳаз ала, ацҳаражәҳәаҩцәа рылахәызаара ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа дырҧыланы, аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара алацәажәара дазхиоуп
Ника Мелиа ишааицҳаз ала, ацҳаражәҳәаҩцәа рылахәызаара ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа дырҧыланы, аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара алацәажәара дазхиоуп
Шәааи, абри арежим ахаҭарнакцәа ҳрыдтәыланы, афальсилитаторцәа рылахәызаара ала, аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара азҵаара ҳалацәажәап, — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ника Мелиа.
Иара иажәақәа рыла, аоппозициа анапхгаратә гәыҧ рҟны аиҿцәажәарақәа рынагӡара иазхиоуп.
«Ҳара амчылареи аӡәы изинқәа рыларҟәреи ҳҭахымызт, избанзар ҳара ҳиашоуп. Атәыла аҿиара амазар ауп иаҳҭаху. «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа уи еилыркааит ҳәа сгәыҕуеит, сара Гахариа инапынҵақәа рышьҭаҵара ауп сызлацәажәо. Игәыҧ алахәылацәа ирҭахызаргьы ҟаларын, аха, иара ашьакаҭәара зхылҵыр зылшоз даҽа шьаҿак ҟаимҵеит», — иҳәеит Мелиа.