Ника Мелиа – Ҳара иҳамоу аинформациа ала, ареферендум аҿы аоппозициаа аиааира ргоит
«Ҳара иҳамоу аинформациа ала, ареферендум аҿы аоппозициаа аиааира ргоит», — иҳеит «Иаку амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиа.
Иара иажәақәа рыла, аоппозициаа зегьы иреиҕьу алҵшәақәа рымоуп аҳҭнықалақь аҿы. Ника Мелиа ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит алхырҭақәа рахь инеины, абжьыҭира рхы аладырхәырц.
«Аоппозициаа Қарҭ аиааира ргоит. Уажәазы аҵакы ду амоуп алхыҩцәа рактивра, избанзар ақырҭуа жәлар иаҳа инҭкааны аҭак ҟарҵароуп, уи иаҵанакәа рацәоуп, «Ақырҭуа гәахәтәы» алхрақәа рылҵшәақәа рҧаршеира рылымшарцаз.
Ҳара, дарбанзаалак кандидатк ма аполитикатә партиак аиааира акәӡам ҳаззықәҧо. Шәара шәоуп аиааира згаша, ҳаргьы аиааира ҳгароуп, аиааира еицаагароуп!», — иҳәеит Ника Мелиа.