Ника Мелиа   "Амилаҭтә ҵысра" ахантәаҩыс  далхуп
Ника Мелиа   "Амилаҭтә ҵысра" ахантәаҩыс  далхуп

 

Апартиа иахьатәи аизараду аҿы Ника Мелиа  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩыс далхуп.

Ника Мелиа аизараду алахәылацәа ҭабуп ҳәа раҳәаны, дара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.

«Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы  «Амилаҭтә ҵысра» иалҵны ицақәаз рацәоуп, ҳара урҭ рыӡбара пату ақәаҳҵароуп, аха,  ҳәарада, азҵаара цәырҵуеит  —  ицақәоу рацәоуп, алидерцәагьы апартиа иалҵны ицахьеит, аха абри аҵысра иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит. Избан? Уи аилкаара мариоуп: «Амилаҭтә ҵысра» —  хазы иҟоу ауааҧсыра ракәымкәа, ажәлар рҵысра анагӡара ауп.  «Амилаҭтә ҵысра » —  зхы иақәиҭу, ақәҿиара змоу европатәи Қырҭтәыла аидеиа ауп, убри аҟынтә, абри аидеиа аӡәгьы дзаҧырхагахом, аӡәгьы дзаиааиуам», — иҳәеит Ника Мелиа.