Ника Гварамиа – Алхрақәа рылҵшәақәа иаҧыххоит, алхрақәа аханатә имҩаҧгахоит, аиааира зго дыжәбап, уи «Ақырҭуа гәахәтәы» акәӡам
«Алхрақәа рылҵшәақәа иаҧыххоит, алхрақәа аханатә имҩаҧгахоит, аиааира зго дыжәбап, уи «Ақырҭуа гәахәтәы» акәӡам», — иҳәеит «Аиҭакрақәа рзы акаолициа» алидер Ника Гварамиа.
Гварамиа ажурналистцәа данрацәажәоз ишиҳәаз ала, апарламент азакәантә мчы амам, уи зегьы иақәшаҳаҭуп.
«Иацы ҳара амандатқәа мап рыцәкра иазкны аҳәамҭа ҟаҳҵеит. Асиақәа раҧыхра алшара аныҟалалак, уигьы ҟаҳҵоит. Ҳазынтәгьы уи ҳақәшаҳаҭуп», — иҳәеит Ника Гварамиа.
Иара иажәақәа рыла, алхрақәа рҧаршеира мҩаҧган «Акарусель» ала.
«Уаҩҧсык иакымкәа алхырҭақәа рҿы абжьыҭира далахәын. Иара убас, «Акарусель» аформа ҿыц рхәыцит, «Ақырҭуа гәахәтәы» адгылаҩцәа 2 биллиутенк рырҭон», — иҳәеит Ника Гварамиа.
Апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы OBSE/ODHIR ицәырнагаз аихшьаала иазкны Гварамиа ишиҳәаз ала, «аилагарақәа ирызку апунктқәа рацәа дрықәшаҳаҭуп, аха, дзықәшаҳаҭым апунктқәагьы иҟоуп».