Ника Гварамиа аа-мза аҭакра иқәырҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧ аанкылара азин имам
Қарҭ ақалақьтә аӡбара, апарламенттә аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы, апартиа «Ахали» алидерцәа иреиу Ника Гварамиа аа-мза аҭакра иқәнаҵеит.
Иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам.
Ари ақәҵара рылеиҳәеит Қарҭ ақалақьтә аӡбара аӡбаҩ Џьвебе Наҷҟебиа.
Ника Гварамиа аӡбаратә процессаҿ дыҟамызт.