Ника Гварамиа аҭакраҿ даанрыжьит
Ника Гварамиа аҭакраҿ даанрыжьит

“Мҭавари архи” ашьаҭаркҩы, адректор хада Ника Гварамиа Қарҭтәи аиҭахәаԥшратә аӡбарҭа аӡбарала аҭакраҿ даанрыжьит.

Ника Гварамиа хышықәсеи фымзи аҭакра иқәҵан.

Апрокуратура хаҭарнакцәа “Русҭави 2” аус азы Ника Гварамиеи, ателееилахәыра ԥасатәи афинанстә директор Каха Дамениеи, “Интер медиа плиус” адиректор Зураб Иашвилии 2020 шықәса цәыббра 6 рзы ахара рықәырҵеит.